Loading...

Авакцина ҳаиқәнархоит!

#Шәеихӡыӡаа

Зынӡа 2 882 587 алаҵақәа ҟаҵоуп

Loading...
Аофициалтә даҟьақәа

Лассы-лассы иқәдыргыло азҵаарақәа

Ԥхынҷкәын 31-нӡа алаҵа ҟазҵо 60 шықәса иреиҳаны зхыҵуа атәылауаа акоронавирус азы алаҵа актәи адоза аҟаҵара шьҭахь 200 лари иаҟароу зныктәи аԥарацҵа роуеит.

Асоциалтә маҵзуразы агентра алаҵа ззыҟарҵахьоу атәылауаа ирызку адыррақәа мызказы ҩынтә аиуеит (амза алагамҭеи 15 арыцхәи рзы), алаҵа ззыҟарҵаз атәылауаа зныктәи аԥарацҵа роуеит аинформациа аиура аусурамшқәа хәба рышьҭахь.

 «Либерҭи банк» аҟны ибжьаҵоу аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, зныктәи аԥарацҵа атәылауаҩ абанктә ихсаалага иахырыԥхьаӡалоит.

Асоциалтә маҵзуразы агентреи  «Либерҭи банки» ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәанчаратә ақәра иҭагылам 60 инаркны 65 шықәсанӡа зхыҵуа атәылауаа, абанктә хсаалага рзаадыртуеит. 

2021 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭанӡа алаҵа актәи адоза ззырҟарҵоу атәылауаа, зныктәи аԥарацҵа 2022 шықәсазы роуеит

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа анализ ашьаҭала, агәабзиарахьчара аекспертцәеи агәабзиарахьчара аминистри рҟны аконсультациақәа мҩаҧганы, аиҳабыра амч змоу арегулиациақәа рырҧсыҽразы аӡбара рыдыркылеит:

 

• 2022 шықәса рашәара 20 инаркны ауаажәларратә транспорт аҿы асабрадақәа рныҟәгаара аҭахым, асабрадақәа хымҧада иныҟәгатәуп амедицинатә усбарҭақәа мацараҿы. 

• 2022 шықәса рашәара 15 инаркны Қырҭтәылаҟа иаауа иарбанызаалак атәыла атәылауҩ, аҳаиртә, адгьылтә, ма амшынтә уҳәа, дызлаауа амаршрут иахьыҧшымкәа, аковид-вакцина зыршаҳаҭуа адокумент ма PCR-тест иҵоурам аҭак ацәыргара аҧхықәра аҟынтә ихы дақәиҭуп. 

 

Апрактикала, аҧкрақәеи арегулиациақәеи зегьы иаҧыхуп, амедицинатә усбарҭақәа рҿы асабрадақәа рныҟәгара ада.  Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аепидемиологиатә тенденциақәа рыцклаҧшра нанагӡоит, анеҩстәи аӡбарақәа рыдыркылоит аҭагылазаашьа инақәыршәаны.

 

Авакцинациа иреиҕьу хархәагоуп шәара шәхаҭеи, шәҭаацәареи, ауаажәлари  COVID-19 аҟынтә  рҽацәыхьчаразы.  Авакцинациа авирус аҿкаареи, ачымазаҩхареи, аҧсҭбареи ашәарҭара еиҵанатәуеит. 

Алаҵа ҟаҵатәуп шәара акоронавирус ахкҿыц шәхыжәгахьазаргьы, избанзар, иахьазы иҟоу ашьақәырҕәҕәагақәа инрықәыршәаны, ауаҩы аинфекциа ихигахьазаргьы, ииммунитет усҟак иҕәҕәам, иара еиҭах акоронавирус ҿикаар илшоит. 

Апандемиа аанкыларазы, COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа инаваргыланы, хымҧада инагӡатәуп апревенциатә уснагӡатәқәа: асабрада аныҟәгареи, метрак еиҵамкәа асоциалтә дистанциа ахьчареи, анапыӡәӡәареи.

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина – зеиҧшҟамлац ала ирласны иаҧҵоу, зеиҧшҟамлац аусеицуреи аинвестициа дуи  иахылҵыз алҵшәа ауп, уи ашәарҭадара астандартқәа зегьы ирышьашәалоуп.

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинақәа ахархәара роуеит аклиникатә ҭҵаарақәа шьаҭанкыла рыҭҵаареи анализ рзуреи анеҩс.  

Ауааҧсыра рыхәҭак еиуеиҧшым аллергенқәа рзы аллергиатә реакциа рымазар ауеит  - иаҳҳәап, апенициллин ма анышәраса (арахис), анышәшьха ацҳара азы, уб. егь., иара убас, аллергиатә реакциа ҟалар ауеит   COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина азгьы.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьагара инақәыршәаны, аҳақьым, апациент  COVID-19 аҽыхьчаратә вакциназы ихьанҭоу аллергиатә реакциа иоур иҟалоу иҟамлоу  аилкааразы, апациент ианамнет шьаҭанкыла ахәшьара аиҭоит.  Аиммунизациа ахьымҩаҧысуа апроваидертә клиника амедицинатә персонал  ихьанҭоу аллергиатә реакциа иаамҭаны агәаҭареи, зыҧшра ҟамҵакәа ахәышәтәреи азы ишахәҭоу ала иазыҟаҵоуп.   

Убри аҟынтә, шәара аҳақьым инарҭбаау аинформациа ишәҭароуп ҧаса ихьанҭоу аллергиатә реакциа шәымазу шәымамзу азы, ҷыдала, адреналин ма епинефрин шәыларҵазар ма агоспитализациа шәзырузар.

Алаҵа ашьҭахь ихьанҭоу аллергиатә реакциа (анафилаксиа), шамахамзар иҟалом, убри аҟынтә, амедицинатә персонал уи ибзианы ахылаҧшра рылшоит.

Амедицинатә усбарҭа шәанҭыҵлак, шәгәы рахәымкәа ижәбозар, ҧыҭраамҭак ашьҭахь аллергиатә реакциа шәоуеит ҳәа шәгәы иаанагозар, зыҧшра ҟамҵакәа шәҳақьым шәидҵаал.

Пфаизер – Бионтек М-РНМ авакцина  (Pfizer-BionTech)

12 шықәса иреиҵбу ахәыҷқәа.

Идыру ихьанҭоу аллергиатә реакциа авакцина иалоу иарбанзаалак компонентк азы, ҷыдала аполиетиленгликоз (PEG) ма уи иеиҧшу амолекулқәа рзы;

Анафилаксикатә реакциа авакцина раҧхьатәи адозазы. Убасҟан авакцина аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.

·         Амцашоура зцу  (38,50C еиҳаны )  ачымазара хьанҭа аан  - авакцинациа хырҧатәуп ауаҩҧсы дыбзиахаанӡа.  

COVID-19 аинфекциа адиагноз ашьақәырҕәҕәара инаркны мызкык (30 мшы); COVID - 19 аинфекциа аан аконвалесцентртә пламзала зҽыхәышәтәуаз ахаҿқәеи, иара убас, ачымазара ахьанҭахара аан амультисистематә синдром змаз ахаҿқәеи рыда. (аминималтә интервал 20 мшы).

COVID-19  зхызгахьоу ауаҩы  амоноклонтә атәымцәеижьҿагылақәа  ма  ареконваленцент аплазма ала имҩаҧгоу ихәышәтәра  - авакцинациа хырҧатәуп ахәышәтәра ахыркәшара инаркны  90 мшы рыла, ахәышәтәреи авакцина иахылҵуа аиммунитеттә ҭакқәеи ринтенференциа аҽацәыхьчара амзызла. 

Иарбанзаалак даҽа алаҵаки  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵеи рыбжьара 14 мшы еиҵамкәа аинтервал иҟазароуп, аапкра аҽыхьчаратә алаҵеи атетанус аҽыхьчаратә профилактикеи иналамҵакәа, урҭ рымҩаҧгара ҟалоит аинтервал адагьы.    

           

 

Астразенека авектортә вакцина  (AstraZeneca)

·         45 шықәса иреиҳаны

Активтә маҭәашьарқәа ма ацҵатәқәа рзы авакцина агиперцәанырралшара

Авакцина раҧхьатәи адозазы анафилактикатә реакциа. Убасҟан авакцина аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.

Агепарин-индуциттә тромбоцитопениа  (HITT ма HIT type 2)

·         COVID-19 аҽыхьчаратә иарбанзаалак вакцинак алаҵара ашьҭахь инеиҵыху ашьадатә ма/иара убас адаҧшьтә тромбоз иҿиазар, Астразенека авакцина ала аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.

·         Амцашоура зцу  (38,50C  еиҳаны ) ачымазара хьанҭа  - авакцинациа хырҧатәуп апацинет дыбзиахаанӡа.  

·         COVID-19 аинфекциа адиагноз ашьақәырҕәҕәара инаркны мызкык (30 мшы); COVID - 19 аинфекциа аан аконвалесцентртә пламзала зҽыхәышәтәуаз ахаҿқәеи, иара убас, ачымазара ахьанҭахара аан амультисистематә синдром змаз ахаҿқәеи рыда. (аминималтә интервал 20 мшы).

·         Иарбанзаалак даҽа алаҵаки  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵеи рыбжьара 14 мшы еиҵамкәа аинтервал иҟазароуп, аапкра аҽыхьчаратә алаҵеи атетанус аҽыхьчаратә профилактикеи иналамҵакәа, урҭ рымҩаҧгара ҟалоит аинтервал адагьы.    

 

       Синофарм аинактивациатә вакцина  (Sinopharm)

·         18 шықәсанӡа ақәра.  

·         Авакцина активтә маҭәашьарқәа ма ацҵатәқәа рзы аллергиатә реакциа

·         Авакцина раҧхьатәи адозазы анафилактикатә реакциа. Убасҟан авакцина аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.  Иара убас, алаҵа ҟарҵом авакцина раҧхьатәи адоза анеҩс анервтә система аганахьала иахәҭам  ареакциа иҟазар.

·         Ҧаса иҟаҵаз иарбанзаалак авакциназы аллергиатә реакциа (аллергиатә реакциа хьанҭа, ангионеврозтә ачра, аҧсыҧ лагаҩагара ауадаҩхара, уб.егь.).

·         Зхылаҧшра ҟамло аепилепсиа ма аизҳара иаҿу аневрологиатә даҽа чымазарак аан, иара убас, Гиен-Баре асиндром аан. 

·         Исериозу ачымазара лаҽ атерминалтә стадиа, ма аҧсҭазааразы ишәарҭоу даҽа чымазара лаҽык.

·         Аимгәадура

·         Асаби агәыҧҳәы иҭара

·         Амцашоура зцу  (38,50C  еиҳаны ) ачымазара хьанҭа  - авакцинациа хырҧатәуп апацинет дыбзиахаанӡа.  

·         COVID-19 аинфекциа адиагноз ашьақәырҕәҕәара инаркны мызкык (30 мшы); COVID - 19 аинфекциа аан аконвалесцентртә пламзала зҽыхәышәтәуаз ахаҿқәеи, иара убас, ачымазара ахьанҭахара аан амультисистематә синдром змаз ахаҿқәеи рыда. (аминималтә интервал 20 мшы).

Аимуноглобулин адкылара анеҩс COVID – 19 аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара ҟалоит  1 мызкы ашьҭахь.

·         Иарбанзаалак даҽа алаҵаки  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵеи рыбжьара 14 мшы еиҵамкәа аинтервал иҟазароуп, аапкра аҽыхьчаратә алаҵеи атетанус аҽыхьчаратә профилактикеи иналамҵакәа, урҭ рымҩаҧгара ҟалоит аинтервал адагьы.    

 

           Синовак аинактивациатә вакцина  (Sinovac)

·         18 шықәсанӡа ақәра.  

·         Авакцина активтә маҭәашьарқәа ма ацҵатәқәа рзы аллергиатә реакциа

·         Авакцина раҧхьатәи адозазы анафилактикатә реакциа. Убасҟан авакцина аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.

·         Аимгәадура

·         Асаби агәыҧҳәы иҭара

·         Амцашоура зцу  (38,50C  еиҳаны ) ачымазара хьанҭа;  ачымазара лаҽ ахьанҭахара.  

·         COVID-19 аинфекциа адиагноз ашьақәырҕәҕәара инаркны мызкык (30 мшы); COVID - 19 аинфекциа аан аконвалесцентртә пламзала зҽыхәышәтәуаз ахаҿқәеи, иара убас, ачымазара ахьанҭахара аан амультисистематә синдром змаз ахаҿқәеи рыда. (аминималтә интервал 20 мшы).

·         Аимуноглобулин адкылара анеҩс COVID – 19 аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара ҟалоит  1 мызкы ашьҭахь.

·         Иарбанзаалак даҽа алаҵаки  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵеи рыбжьара 14 мшы еиҵамкәа аинтервал иҟазароуп, аапкра аҽыхьчаратә алаҵеи атетанус аҽыхьчаратә профилактикеи иналамҵакәа, урҭ рымҩаҧгара ҟалоит аинтервал адагьы.    

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа хықәкыс иамоуп авирус иахылҵуа ачымазареи, агоспитализациеи, аҧсҭбареи  аиҵатәра, уи шьақәырҕәҕәоуп аҭҵаарақәа рыла.  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа змоу, Қырҭтәыла рхы иадырхәо    COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинақәа – Пфаизер-Бионтеки, Оқсфорд Астразенекеи, Синофарми, Синоваки 100%-ла ауаҩы дрыхьчоит COVID-19 ачымазара аформа хьанҭеи, агоспитализациеи,  аҧсреи аҟынтәи. Ачымазара асимптомтә форма апревенциа иадҳәаланы иазгәаҭатәуп авакцина цыҧхьаӡа абри аганахьала ахатә ҷыдарақәа шамоу, урҭ шьақәырҕәҕәоуп III афаза аҭҵаарақәа рыла, урҭ аарҧшуп авакцина цыҧхьаӡа иацу анотациаҿы. Аклиникатә ҭҵаарақәеи авакцинациа аларҵәара адыррақәеи инрықәыршәаны, еиуеиҧшым авакцинақәа реффектра арбагақәа ҳәаақәҵоуп   50% - 95%-ла.

Иара убас, адунеи зехьынџьара иазҳауа ашьақәырҕәҕәагақәа инрықәыршәаны, COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинақәа авирус аҿкаареи, ачымазара ахьанҭахареи, агоспитализациеи, аҧсреи аҟынтә ауаҩы ихьчара инаваргыланы, аӡәы иҟынтә даҽаӡәы иахь авирус аиасра алшарагьы еиҵартәуеит.

Авакцинациа  аваргылатә цәырҵрақәа ацзар ауеит, уи инормоуп, уи иаанагоит шәцәеижь аиммунитет  аиуеит ҳәа. 

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина раҧхьатәи ма аҩбатәи алаҵа аҟаҵара иацзар ауеит абарҭ аваргылатә цәырҵрақәа: аҭыҧантәи ареакциа (ахьаа, ачра, алаҵа ахьыҟаҵоу аҭыҧ аҟаҧшьхара), ааҧсара, ахыхь, ажьышәақәа рхьаа, ацәа аҭаӡыӡаара, амцашоура, агәыхынҳәра, ажьымдырқәа рычра  (алимфоденопатиа).

COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина, егьырҭ авакцинақәа ма ахәшәқәа  зегьы реиҧшҵәҟьа, аваргылатә цәырҵрақәак ацзар ауеит. Аха, ишаҧу ала, абарҭ ацәырҵрақәа хьанҭам, ирласны ииасуеит, бжеиҳаарала, авакцинациа ашьҭахь хымш заҵәык иҟоуп. Аха, асипптомқәа нагӡахар, шәгәы рахәымкәа ижәбар, зыҧшра ҟамҵакәа аҭаацәаратә ҳақьым шәидҵаал, ма  1522 аномерла аҭел шәас.

Инарҭбаау аинформациа жәбар шәылшоит авеб-даҟьа  ncdc.ge аҿы.

COVID-19 аинфекциа шәхыжәгахьазаргьы, алаҵа ҟаҵатәуп, избанзар, уажәтәи аетап азы аҵарауаа цқьа ирыздырӡом ачымазара ашьҭахь ауаҩҧсы аҧсабаратә иммунитет шаҟаамҭа имоу.  

Аклиникатә ҭҵаарақәа адыррақәа рыла, акоронавирус ахкы ҿыц ачымазара зхызгаз ауаа рзы уажәазы авторизациа змоу авакцинақәа рхархәара шәарҭам. Авакцина аҟаҵара шәыбжьаагоит ачымазара аан асимтомқәа рыҟазаара иахьыҧшымкәа. Авакцина аҟаҵара иазкны аӡбара адкыларазы,  авирус азы атестирра ма ишәхыжәгаз аинфекциа аилкааразы асерологиатә гәаҭарақәа рымҩаҧгара аҭахым.

Ажәлар рыгәҭа ачымазара аларҵәара апревенциа амзызла,  COVID-19 адиагноз ззышьақәырҕәҕәоу апациент, ачымазара далҵаанӡа   (ауаҩҧсы асимптомқәа имазар) , аҽыҧхьакра даҟәыҵаанӡа авакцина изыҟаҵара иахәҭам. Абри абжьагара рыдкьыслоит авакцина раҧхьатәи адоза рыдыркылаанӡа, мамзаргьы раҧхьатәи адозеи аҩбатәи адозеи ирыбжьаз аамҭазы  аинфекциа ззышьақәырҕәҕәоу  апациентцәагьы.  

Авирус аҿкаареи авакцинациеи рыбжьара аминималтә интервал ахьчара шахәҭамгьы, уажәазы иҟоу ашьақәырҕәҕәагақәа инрықәыршәаны, аинфекциа аҿкаара ашьҭахь мызқәак рыҩнуҵҟа COVID-19 ареинфекциа ашәарҭара маҷуп, аха, ҧыҭраамҭак ашьҭахь, аиммунитет аҧсыҽхара амшала,  ашәарҭара азҳар ауеит. Қырҭтәыла, акоронавирус адиагноз ззышьақәырҕәҕәоу ауааҧсыра рзы авакцина аҟаҵара аҿҳәара хырҧоуп  30 мшы рыла. 

Зцәазтәымкәа иҟоу аҳәсеи ахәыҷқәеи рзы авакцина ашәарҭадареи аеффектреи иадҳәаланы иазхаша аҭҵаарақәа макьана имҩаҧгам, иазхаша  ашьақәырҕәҕәагақәа  иҟам.    

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьагарақәа инрықәыршәаны, амгәадура аан  COVID-19 аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵара иахәҭам, зцәазтәымкәа иҟоу аҧҳәыс авирус аҿкаара аганахьала ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу агәыҧ даҵанамкәазар, иаҳҳәап,  агәабзирахьчара аусхкы аусзуҩцәа, ачымазара лаҽқәа змоу зцәазтәым аҳәса, урҭгьы акоронавирус ачымазара ахьанҭахара аганахьала ашәарҭара иҭагылоуп. Зцәазтәымкәа иҟоу аҳәса, ашәарҭадареи аеффектреи иазку адыррақәа рмаҷра иазкны  аинформациа наӡа рыҭаны, аконсультациа рзымҩаҧгатәуп  (уи еиҧш алшара иаҟазар). 

Уажәазы иҟоу ашьақәырҕәҕәагақәеи жәларбжьаратәи аҧышәеи инақәыршәаны, авакцинациазы заанаҵы ахәшәқәа рыла аҽазыҟаҵареи (иаҳҳәап, заанаҵы антигистаминтә ахәшә ма даҽа препаратк адкылара) ҷыдала амедициатә гәаҭара ахысреи аҭахым. Аха, хаҭалатәи ҭагылазаашьақәак раан, аконсультациа ашьҭахь, аӡбара идикылоит аҳақьым.