Аҳәаанырцәҟа адәықәларазы  иаҭаху ковид сертификатқәа

Абҵара 17 инаркны, Қырҭтәыла, арыцхәтә ковид-паспортқәа иаку рсистема иалахәып (EU Gateway- атәылақәа). Убри инақәыршәаны,   авакцинациеи, аинфекциа ахгареи,  PCR  тестирреи иазкны  Қырҭтәыла ауааҧсыра ирыҭоу ковид-сертификатқәа  зыӡбахәы ҳәоу иаку асистемаҿы амч рымазаауеит.  EU Gateway аҿы иарбоу атәылақәа рахь адәықәларазы иаҭаху ковид-сертификатқәа ргара ҟалоит аелектронтә хархәагала, убри азыҳәан  аппликациа  Georgia e-Health   ихҩаалатәуп, мамзаргьы Аиустициа аҩнаҿы COVID-19  акарта жәгароуп.

Georgia e-Health- аппликациа жәбар шәылшоит: App store аҿы  https://apps.apple.com/us/app/georgia-e-health/id1590322048,

иара убас

 Google store аҿы https://play.google.com/store/apps/details?id=com.moh.geehealth

Аппликациа ахҩаалара ашьҭахь, атәылауаҩ имариоу арегистрациа дахысроуп, анеҩс, авакцинациа иазку аинформормациа наӡа автоматла ихатә даҟьаҿы ицәырҵуеит. Иара убас, апрограммаҿы аарҧшызаауеит ПЦР тестирреи аковид-инфекциа ахгареи иазку аинформациа.

Аппликациа  Georgia e-Health-и  COVID-19 акартеи Қырҭтәыла  „апаспорт иаҵәа“ ҳасабала амч рымоуп.

 

«Астатус иаҵәа  (апаспорт)» Қырҭтәыла ахархәара

Ҧхынҷкәын 1 инаркны, ауааҧсыра ҵаҟа еиқәыҧхьаӡоу аобиектқәа рыҩналара рылшоит  астатус иаҵәа мацарала акрыфаратә обиектқәа;  аресторанқәеи, каҳуажәырҭақәеи, абарқәеи иаарту, иара убас, иарку ақәыҧшыларақәа рҿы; агәырҿыхаратә центрқәа;  акинотеатрқәеи, атеатрқәеи, аопереи, амузеиқәеи; аконцерттә залқәа; аказиноқәеи ахәмарратә бизнес аобиектқәеи;  спа-центрқәа;
 афитнес-залқәа;  асасааирҭақәа;  ашьхатә курортқәа рҿы иҟоу ашахамҩақәа.
 
Ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа рҿы «апаспорт иаҵәа» рымзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.


Азәгаҭа:

- 18 шықәса зхымҵыц ауааҧсыра астатус иаҵәа рымамзаргьы ҟалоит

Ауаажәларратә транспорти адәқьанқәеи рҿы  «апаспорт иаҵәа» ацәыргара хымҧадам.  
Ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа рҿы «апаспорт иаҵәа» рымзароуп 18 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаа.

 

Астатус иаҵәа ианашьоуп:

  авакцинациа наӡа иахысыз  (ма)

  аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу  PCR атест иҵоурам аҭак змоу (ма)

  аҵыхәтәантәи 24 саакҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген-атест лас иҵоурам аҭак змоу  (ма)

   ковид-инфекциа зхызгахьоу

Азгәаҭа: ауаҩҧсы астатус иаҵәа ианашьазар PCR ма антиген-атест лас ашьаҭала  - астатус иаҵәа аанкылазаауеит атест аҿҳәара аниаслак

  

Ауаҩҧсы астатус иаҵәа ианбаирҭо?

  авакцина аҩбатәи адоза аныҟаиҵалак ашьҭахь

  атестирра маҩаҧызго аусбарҭа ала  PCR ма антиген-атест лас иҵоурам аҭак азеиҧш дыррақәа рсистема алагалара ашьҭахь

  ковид аофициалла ашьақәырҕәҕәара инаркны 14 мшы рышьҭахь

Азгәаҭа: ауаҩҧсы  PCR ма антиген атест лас ҟаиҵозар, иара атест ахьыҟаиҵо аусбарҭаҿы хымҧада дрыҳәароуп  атест шыҟаиҵаз зыршаҳаҭуа QR код азеиҧш система иаларгаларц. Убри ашьҭахь аппликациаҿы адыррақәа дырҿыцуеит.

 

Апаспорт иаҵәа закәызеи?

  «CovidPass Georgia» –  аппликациаҿы арегистрациа ахысра ала ишәанашьоу  QR код  (ма)

  covidpass.moh.gov.ge – асаит аҿы арегистрациа ала ишәанашьоау  QR код  (ма)

   Қырҭтәыла авакцинациа ацентрқәеи, аклиникақәеи, Аиустициа аҩнқәеи рҿы икьыҧхьу  адокумент  (ковид карта) QR код ала  (ма)

   Евроеидгыла иалоу,  «EU Digital COVID Certificate» асистема иалахәы даҽа тәылак аофициалтә усбарҭа ала икьыҧхьу адокумент  QR код ала ма аелектронла ианашьоу  QR код ала

«CovidPass» Georgia аппликациа жәбар шәылшоит: 

App store аҿы https://apps.apple.com/us/app/covidpass-georgia/id1590323605

иара убас,

Google store аҿы

https://play.google.com/store/apps/details?id=com.zurarev.snackbccdb8523f3941c4aa06aff238ecf606

Азгәаҭа:  авакцинациа ма атестирра ааҳәаанырцә имҩаҧызгаз Қырҭтәылеи егьырҭ атәылақәеи ртәылауаа  («EU Digital COVID Certificate») асистема иалахәы атәылақәа рыдаастатус иаҵәа роур  рылшоит   аҳәааахысра ашьҭахь, (аҳәаа ианахысуа аамҭа иахьыҧшымкәа) „CovidPass“ Georgia  аппликациа ма  covidpass.moh.gov.ge – асаит аҿы арегистрациа ала  (авалидациа акод роур рылшоит ақырҭуа амобилтәномерла ма аелектронтә ҧошьҭала). Арегистрациа аан ауаҩҧсы хымҧада ихы иаирхәароуп атәылашҟадызлааиз адокумент.

Қырҭтәыла авакцинациа иахысыз атәымуаа аппликациа  (Georgia e-Health; CovidPass Georgia) ма  covidpass.moh.gov.ge – асаит аҿы арегистрациа аанхымҧада рхы иадырхәароуп авакцинациа злаҟарҵаз адокумент.

 

 

Апаспорт иаҵәа авалидациа ишҧамҩаҧгатәу?

  „CovidPass Georgia“ аппликациа  QR аҧхьага ала, ма

  covidpass.moh.gov.ge QR аҧхьага ала

  „CovidPass Georgia“ аппликациа  QR аҧхьага ахархәаразы аппликациа мацара ихҩаалатәуп, егьырҭ адыррақәа алагалара аҭахым

 

  QR акод аҧхьараан авалидатор иарбан информациоу иоуа?

  ауаҩҧсы ифотоҭыхымҭеи  (иара Қырҭтәыла датәылауаҩзар) ихьӡи ижәлеи аинициалқәеи

  ауаҩҧсы астатус иаҵәа анашьара ихәҭазар

  ауаҩҧсы ианашьоу астатус иаҵәа аҿҳәарас иамоу  (атест ашьаҭала астатус иоузар, уаҟа иарбазаауеит астатус иаҵәа аҿҳәара аниасуа)

Азгәаҭа:  covidpass.moh.gov.ge асаити  «CovidPass Georgia» аппликациеи уажәазы аҧышәаратә режим аҿы аус руеит, инаӡаны аусура иалагоит ҧхынҷкәын 1 инаркны

 

Атехникатә проблемақәа раан ҳзыдҵаалода?

  144 – аиҳабыратә  иаку Ацәаҳәа ҷыда

  1505 – Агәабзиарахьчара аминистрра Ацәаҳәа ҷыда

  1522 – Авакцинациа ацәаҳәа ҷыда

  0800800909 -  Қырҭтәыла атуризм амилаҭтә администрациа ацәаҳәа ҷыда

   Аелектронтә ҧошьҭа: appsupport@ita.gov.ge

 

 

 Georgia e-Health

  

 

 CovidPass Georgia